"Блумберг" - Финлиандиеи Швециеи Нато алалара адгыларазы Ҭырқәтәыла абџьар аекспорт аҳәаақәҵаарзы иҟоу аԥкра аԥыхреи "F-35" апрограммахь ахынҳәра аҭахуп
"Блумберг" - Финлиандиеи Швециеи Нато алалара адгыларазы Ҭырқәтәыла абџьар аекспорт аҳәаақәҵаарзы иҟоу аԥкра аԥыхреи "F-35" апрограммахь ахынҳәра аҭахуп

Финлиандиеи Швециеи Нато алалара адгыларазы Ҭырқәтәыла абџьар аекспорт аҳәаақәҵаарзы иҟоу аԥкра аԥыхреи “F-35” апрограммахь ахынҳәра аҭахуп. Ари атәы аанацҳаит “Блумберг”.

Аҭыжьымҭа аинформациа инақәыршәаны, Ҭырқәтәыла урыстәылатәи аҳауахьчаратә система “ЕС 400” аахәара иахҟьаны азышьақәдыргылаз аԥкра аԥыхра аҭахуп. Аих ишаанацҳаз, Ҭырқәтәыла аҭахуп акәырдцәа арратә гәыԥ иадҳәаланы Швециеи Финлиандиеи Ҭырқәтәыла апозициа иазыԥхьагәарҭарц. “Кәырдистан аџьаустә партиа” атерористтә аиҿкаарас аԥхьаӡара ада, Швециеи Финлиандиеи Европа егьырҭт атәылақәеи “2019 шықәса инаркын Ҭырқәтәыла аганахьала абџьар аекспорт азы ишьақәгылоу аԥкра аԥырхроуп”.