Бени Ганц - Газа асекор аҿы ирымоу израильтәи атҟәацәа иашьҭанеиуа амчыбжьқәа рзы рхы иақәиҭымтәар, Израиль аладатәи Газаҿ аоперациа ҭбааны, Рафаҳ иалалоит
Бени Ганц - Газа асекор аҿы ирымоу израильтәи атҟәацәа иашьҭанеиуа амчыбжьқәа рзы рхы иақәиҭымтәар, Израиль аладатәи Газаҿ аоперациа ҭбааны, Рафаҳ иалалоит

Газа асекор аҿы ирымоу израильтәи атҟәацәа иашьҭанеиуа амчыбжьқәа рзы рхы иақәиҭымтәар, Израиль аладатәи Газаҿ аоперациа ҭбааны, Рафаҳ иалалоит. Иҳәеит Израиль Атәылахьчара аминистр Бени Ганц.

Бени Ганц иажәақәа рыла, “адунеи “Ҳамас” алидерцәеи ирдыруазароуп – Рамадан иалгаанӡа ҳтәылауаа рыҩнқәа рахь иоурмыжьҭыр, ақәԥарақәа зегьынџьара нагӡахоит, Рафаҳ уажь иналаҵаны”.

Бени Ганц  ишазгәеиҭаз, Израиль акоординациа змоу ажәыларақәа рымҩаԥгара иалагоит, америкатәии мысратәи апартниорцәа рыцхыраарала, аҭынч тәылауаа ревакуациа мҩаԥнагоит.

“Урҭ атҟәацәа иоурыжьҭыр рылшоит, Газа атәылауаа Рамадан аныҳәа цқьа азгәаҭара рылшоит”, – иҳәеит Ганц.