Баҭым, акорпус аилаҳара афакт азы иаанкылоу хҩык ауааҧсыра ахара рыдырҵеит
Баҭым, акорпус аилаҳара афакт азы иаанкылоу хҩык ауааҧсыра ахара рыдырҵеит

Баҭым, акорпус аилаҳара афакт азы иаанкылоу хҩык ауааҧсыра, аргыларатә усурақәа раан ашәарҭадара апҟрақәа реилагареи убри амшала ауаа рҭахареи азы  ахара рыдырҵеит.

Апрокуратура аҳәамҭа ишану ала, ахара рыдуп атәылауаа З.Б., Х.С.  Г.С..

Аусеилыргара аан ишеилкаахаз ала, З.Б., афизикатә хаҿқәа Х.С.-и Г.С.-и рҟынтә аҧара иган, Лаҵара  26 амҩаҿы иҟоу акорпус N13 актәи еихагылаҿ аргылара-ареконструктциатә усурақәа ралагаразы еиқәшаҳаҭхеит, аусурақәа рыла иазҧхьаагәаҭан ашьаҟатә ҭӡамцқәагьы рықәхра.

2021 шықәса жьҭаара 4 инаркны  8-нӡа, З.Б. иҟны аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,  иара иҟны аилаӡара рыбжьамҵакәа, қьырала аус зуаз Х.С.-и Г.С.-и, ашәарҭадара апҟарақәа еилаганы, абри аус азҟазацәа иадымҧхьалакәа, аинџьныртә дырра рымамкәа, аусура иалагеит. Дара баша аҭӡамцқәеи ашьаҟатә ҭӡамцқәеи иқәырган, ахыбра аҕәҕәареи аҭышәынтәалареи еиларгеит. Абри зегьы амшала,   7 еихагылак змоу акорпус подиездк ишеибгаз еилаҳаит,  9ҩык ауаа ҭахеит, урҭ рҟынтә хҩык рықәра наӡамызт.

Иаанкылоу ауаа ахара рыдуп аргыларатә усурақәа раан ашәарҭадара апҟарақәа реилагареи убри амшала ауаа рҭахареи  азы.