Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи рхадацәа фтәылак злоу аплатформа ҿыц ашьақәыргылара  аинициативала иқәгылеит
Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи рхадацәа фтәылак злоу аплатформа ҿыц ашьақәыргылара аинициативала иқәгылеит

Азербаиџьани Ҭырқәтәылеи рпрезидентцәа фтәылак иахьалахәу аплатформа ҿыу аԥшьгара аинициативала иқәгылеит.

Ари атәы аарыцҳаит Алиеви Ердоӷани ицымҩаԥыргаз аконференциа аҿы.

Ильҳам Алиев иажәақәа рыла, иахьазы иаԥҵоуп Ҭырқәтәылеи-Азербаиџьани-Қырҭтәылеи, Азербаиџьани-Џьамтәылеи-Урыстәылеи, Ҭырқәтәылеи-Урыстәылеи-Џьамтәылеи аформатқәа.

“Ҳара арҭ аплатформақәа зегьы реидкылара ҳалшоит. Шәамахьтәыла анапхгара аибашьрантә ииашоу алкаақәа ҟанаҵар, шьаҭа змам апретензиақәа мап рцәыркны, аԥеиԥш ахь ахы рхара рыӡбар, ари аплатформаҿ рхатә ҭыԥ аанкылара алшара роуеит. Ари ҳазыхиоуп,” – иҳәеит Алиев.