Ахада лпрессмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Саломе Зурабишвили Европа алидерцәеи Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнакцәеи ҭелла драцәажәеит
Ахада лпрессмаҵзура аҟынтә ишаарыцҳаз ала, Саломе Зурабишвили Европа алидерцәеи Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнакцәеи ҭелла драцәажәеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каласи, Чехиа ахада Петер Павели, Швециатәи аҳра аԥыза-министр Ульф Кристерсои, Польша ахада Анджеи Дудеи, Латвиа ахада Едгарс Ринкевичси ҭелла драцәажәеит, – аарыцҳаит ахада лпрессмаҵзура аҟынтә.

“Қырҭтәыла ахада европатәи лколлегацәа акризис  аҟынтә алҵраыз Биӡина Иванишвили изыҟалҵаз ажәалагала иазкны адырра рылҭеит. Ажәалагала аиԥылареи ихадоу ҩзҵаараки рзы: OSCE/ODIHR алкаа ашьаҭала алхрақәа ррымҩаԥгара арыцхә ашьақәыргылареи аҭагылазаашьа ҿыцқәа раарԥшреи рзы аиқәшаҳаҭреи ирыдҳәалан”, – иануп ахада лпрессмаҵзура аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.