Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Донецки Лугански ахатә анаҧшратә миссиа алахәылацәа раанкылара иазкны аанацҳаит
Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Донецки Лугански ахатә анаҧшратә миссиа алахәылацәа раанкылара иазкны аанацҳаит

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Донецки Лугански ахатә анаҧшратә миссиа алахәылацәа раанкылара иазкны аанацҳаит.

Асоциалтә аҳақәа рыла аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, ари аиҿкаара ахатә усзуҩцәа рхақәиҭтәразы аканалқәа зегьы ахы анархәоит.

 «Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара агәамҵра ду аанарҧшуеит Донецки Лугански Анаҧшратә миссиа ҷыда алахәылацәа раанкылара иадҳәаланы. Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  ахатә усзуҩцәа рхақәиҭтәразы аканалқәа зегьы ахы анархәоит», — иануп  аиҿкаара аҳәамҭаҿы.