Аҩадатәи Македониа адәныҟатәи аусқәа рминистр, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы ахантәаҩра змоу атәыла ахьӡала, аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит
Аҩадатәи Македониа адәныҟатәи аусқәа рминистр, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы ахантәаҩра змоу атәыла ахьӡала, аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит

Мшаҧы 10-11 рзы  Аҩадатәи Македониа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Буиар Осман, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаараҿы ахантәаҩра змоу атәыла ахьӡала, аофициалтә визитла Қырҭтәыла даҭаауеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Буиар Осман  Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили  диҧылоит. Анеҩс, ирҭбаау аформатаҿ аиҧылара ашьҭахь, аганқәа рхаҭарнакцәа аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Иара убас,  авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Буиар Осман   Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Ҕарибашвилии, апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии,  аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиании дырҧылоит.

Аҩадатәи Македониа адәныҟатәи аусқәа рминистр ампыҵахалатә цәаҳәашҟа днеины, аҭыҧаҿ аҭагылазаашьа гәеиҭоит», —  иануп аинформациаҿы.