Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә ассамблеиа Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит Қырҭтәылатәи арегионқәа  – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони  рымпыҵахалара аҟәыҵреи  Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы конструктивла алахәызаареи азы
Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә ассамблеиа Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит Қырҭтәылатәи арегионқәа  – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони  рымпыҵахалара аҟәыҵреи  Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы конструктивла алахәызаареи азы

Ашықәстәи асессиаҿы  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә ассамблеиа иаднакылаз арезолиуциаҿы  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә ассамблеиа Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит Қырҭтәылатәи арегионқәа  – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони  рымпыҵахалара аҟәыҵреи  Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы конструктивла алахәызаареи азы.

Асессиа мҩаҧысуан  Бирмингем, ҧхынгәы  2-6 рзы.

Адокумент аҿы Апарламенттә ассамблеиа алахәылацәа агәынамӡара аадырҧшит   2008 шықәсазы Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара иҟалаз аимак уажәгьы  аҭыҧ ахьықәҵам азы. Дара Урыстәылатәи афедерациахь ааҧхьара ҟарҵеит амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра инаӡаны анагӡаразы.

Резолюция аганқәа ирыбжьанагоит уажәазы иҟоу амеханизмқәа рхархәарала алҵшәа зхылҵша аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгареи,  зыҧшра ҟамҵакәа аибашьра аҟәыҵреи,  Украинеи Қырҭтәылеи Молдовеи рҵакырадгьылтә акзаара апринцип ашьаҭала кыраамҭалатәи аҭынчра ашьақәыргылареи.

Адокумент аҿы Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәылатәи арегионқәа – Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыларҟәреи иуадаҩӡоу агуманитартә ҭагылазаашьеи иақәыӡбоит.

«Урыстәылатәи афедерациа зыӡбахәы ҳәоу аҳәынҭқаррақәа рыхәҭак ампыҵахалареи ахылаҧшреи нанагӡоит,  ҳара ари аҭагылазаашьа ҕәҕәала ҳақәыӡбоит», — иануп арезолиуциаҿы.