ВВС - Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара аилатәара аҿы Урыстәыла ахаҭарнакцәа нарышьҭуам
ВВС - Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара аилатәара аҿы Урыстәыла ахаҭарнакцәа нарышьҭуам

ВВС аинформациа ала, Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара аилатәара аҿы Урыстәыла ахаҭарнакцәа инармышьҭуеит. Ари атәы ааицҳаит Польша Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Лукаш Иасин.

Польша Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара атәыла-хантәаҩ ауп. Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара аилатәара ԥхынкәын 12- рзы Польша, Лоӡиш ақалақь аҿы мҩаԥгахоит. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров дызхагылоу Урыстәыла аделегациа Польша аҭаара зин рырҭом.