Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Апрокуратура хадеи анаркореализаторцәа трансмилаҭтә еиҿкаау ацәгьоура аадырԥшит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Апрокуратура хадеи анаркореализаторцәа трансмилаҭтә еиҿкаау ацәгьоура аадырԥшит

Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи Қырҭтәыла Апрокуратура хадеи анаркореализаторцәа трансмилаҭтә еиҿкаау ацәгьоуреи ацәгьоуцә ргәыԥ алидерцәеи аадырԥшит. Ари аарыцҳаит апрокуратураҿ имҩаԥгаз абрифинг аҿы.

“Ашьауӷа зин аус азы имҩаԥгаз аусԥшаара аан, иаарԥшын анаркореализаторцәа ацәгьоуратә рсхема, ари агәыԥ алахәылацәа аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҿы еиуеиԥшым анаркотикатә маҭәашьарқәа рҭиуан.

Аполициа аусуҩцәа еиуеиԥшым аҭыԥқәеи аамҭеи рзы имҩаԥыргаз аусԥшааратә  уснагӡатәқәа ирылҵшәаны, иаанкылоуп ацәгьоуратә гәыԥ хҩык анапхгаҩцәеи, ҩыџьа алахәылацәеи, 16-ҩык “ашьҭаҵаҩцәа”, урҭ иреиуп Қырҭтәылеи, Болгариеи, Ҭырқәтәылеи ртәылауаа”, – аарыцҳаит апрокуратура аҟынтә.

Апрокуратура аинформациа ала, 2021-2123 шш. рзы ацәгьоуратә гәыԥ алахәылацәа атранзакциақәа рыла ироуит 15 233 071 лари, 2 577 004 доллари,  10 210 еврои.

Иаанкылоу ахаҿқәа 260-тәи ахәҭаҷи 194-тәи ахәҭаҷи рыла 20 шықәсанӡа ма ԥсраҽнынӡатәи аҭакра рықәырҵар ҟалап“,- иазгәаҭоуп апрокуратура аинформациа аҿы.