Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, Михаил Саакашвили Қырҭтәыла аҳәаа дахымсит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, Михаил Саакашвили Қырҭтәыла аҳәаа дахымсит

Михаил Саакашвили Қырҭтәылаҟа даахьеит ҳәа аларҵәра зауз аинформациа иадҳәаланы Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили Қырҭтәыла аҳәаа дахымсыцт.

Иахьа шьыжьымҭан Михаил Саакашвили асоциалтә аҳала адырра алаирҵәеит иара маӡала Қырҭтәылаҟа дааизшәа.

Нас, еиҭах иалаирҵәаз авидеоааҧхьараҿы аргама ааицҳаит Баҭым дшыҟоу.