Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа маӡала аконтеинерқәа рҿы ицәахыз 298 кьыла „Героин“ аадырҧшит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа маӡала аконтеинерқәа рҿы ицәахыз 298 кьыла „Героин“ аадырҧшит. Аџьармыкьа еиқәаҿы абри аҟара анаркотикқәа 85 миллион лари иаҧсоуп.
Иахьатәи абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Дарахвелиӡе.
Дарахвелиӡе иҳәамҭала, даанкылоуп Қырҭтәыла атәылауаҩ.
„Ауааҧсыра идҳардырыр ҳҭахуп Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа жәларбжьаратәи анаркотрефик зеиҧшҟамлац афакт шаадырҧшыз. Азинхьчаҩцәа аадырҧшит зеиҧшҟамлац ала ирацәаны, 298 кьыла анаркотикатә хархәага „героин“, аџьармыкьа еиқәаҿы абри аҟара анаркотикқәа 85 миллион лари иаҧсоуп.
Ҷыдала ирацәаны анаркотикқәа закәандарала раахәареи, рышьҭаҵареи, закәандарала Қырҭтәылаҟа раагареи ахарадҵарала даанкылоуп Қырҭтәыла атәылауаҩ.
Аусеилыргара ала ишеилкаахаз ала, Шәамахьтәылантә Қырҭтәылаҟа иааиз аидаратә машьына, Баҭым иалсны, Европаҟа ицар акәын. Адокументқәа инрықәыршәаны, ари амашьына амцашыра зычҳауа акьырмыт амҩангара иазкын. Азинхьчаҩцәа аекономикатә зонаҿы амашьына ацраҳәага ангәарҭа, акьырмыт аимитациа зызуз 600 цыра апластмассатә контеинерқәа рбеит. Аконтеинерқәа рҿы маӡала ишьҭан 298 кьыла анаркотикатә хархәага „героин““, – иҳәеит Алеқсандр Дарахвелиӡе.
Иара иажәақәа рыла, аусеилыргара мҩаҧысуеит Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 260-тәи 262-тәи ахәҭаҷқәа рыла. Ари ацәгьауразы иазҧхьагәаҭоуп 20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра.