Аҩадатәи Кореиа анапхгара рҳәамҭала, Аладатәи Кореиеи Америкеи Кореиатәи адгьылбжьахала аиадертә еибашьра ашәарҭара иҭадыргылоит
Аҩадатәи Кореиа анапхгара рҳәамҭала, Аладатәи Кореиеи Америкеи Кореиатәи адгьылбжьахала аиадертә еибашьра ашәарҭара иҭадыргылоит

Аҩадатәи Кореиа анапхгара рҳәамҭала, Аладатәи Кореиеи Америкеи еицымҩаҧырго арратә азыҟаҵарақәа Кореиатәи адгьылбжьахала аиадертә еибашьра ашәарҭара иҭадыргылоит.

Пхениан ишырҳәаз ала, Америкеи Аладатәи Кореиеи рыла аибарххара аизырҳара иаҭакны, иахәҭоу ашьаҿақәа ҟарҵоит.

«Америка ахшыҩдаратә арратә конфронтациеи Китаитәи жәлартә республика иаҿагылоу рыдгылаҩцәеи Кореиатәи адгьылбжьахала аиадертә еибашьра ашәарҭара иҭадыргылоит. Арратә азыҟаҵарақәа рымшала, Кореиатәи адгьылбжьахала есминуҭ иҧжәар зылшо ахәшәшьҭаҵарҭа еиҧшхеит», — иануп аҳәамҭаҿы.

Сынтәа Аҩадатәи Кореиа   20 иреиҵамкәа абаллистикатә ракетақәа дәықәнаҵеит.