Аҩадаатлантикатә хеилак  - Урыстәыла ауранагӡара евроатлантикатә шәарҭадара иаҧырхагоуп, ҳара Алианс мрагыларатә ахәҭаҿы иацҵаны адгьылтәии аҳаиртәии мчқәа ҳаргылоит

Урыстәыла ауранагӡара евроатлантикатә шәарҭадара иаҧырхагоуп,  уи агеополитикатә алҵшәа амазаауеит. НАТО адгылаҩцәа зегьы ршәарҭадара аиқәыршәара наҳагӡоит.  Ҳара Алианс мрагыларатә ахәҭаҿы иацҵаны адгьылтәии аҳаиртәии  арратә-мшынтәи мчқәа ҳаргылоит. Ҳамчқәа зегьы ихианы игылоуп.  Иахьа Вашингтонтәи аиқәшаҳаҭра 4-тәи ахәҭаҷ иадҳәаланы аиҿцәажәарақәа мҩаҧаагеит. Ҳадгылаҩцәа рыхьчаразы иацҵаны ашьаҿақәа рыҟаҵара ҳаӡбеит. Ҳара Урыстәылахь ааҧхьара ҟаҳҵоит амчылареи агрессиеи иаҟәыҵырц. Урыстәыла алидерцәа аҭакҧықәра зегьы рхы адырҵароуп. Абри аҩыза ахымҩаҧгашьазы аекономикатәи аполитикатәи ахә ду ашәара рықәшәоит», — иануп НАТО аҳәамҭаҿы.

Ахеилак алахәылацәа иаҵшьны иазгәарҭеит Украинатәи арегионқәа рызхаҵара хаангьы ишақәшаҳаҭымхо.