Атуризм амилаҭтә администрациа – Сынтәа Қырҭтәыла атуризм аҟынтә 2,1 миллиард адоллар ахашәала аиуит
Атуризм амилаҭтә администрациа – Сынтәа Қырҭтәыла атуризм аҟынтә 2,1 миллиард адоллар ахашәала аиуит

Атуризм амилаҭтә администрациа нанҳәазы иҟаз ахашәала иазкны астатистикатә дыррақәа цәырнагеит.

Аусбарҭа адыррала,  2022 шықәса ажьырныҳәа –нанҳәазы Қырҭтәыла атуризм аҟынтә  2,1 миллиард адоллар ахашала аиуит.

«Нанҳәазы  522 945 221 адоллар ахашәала иҟан,  ари арбага 2019  шықәса иашьашәалоу аамҭазы иҟаз арбага аасҭа 26,7%-еиҳауп,  2021 шықәса нанҳәатәи арбагақәа ирҿаҳарҧшыр, атуризм аҟынтә ахашәала азҳаит  324 158 964 (+163,1%) адоллар ала», — ирҳәеит Атуризм админситрациаҿы.