Атуризм амилаҭтә администрациа имҩаҧнагеит Қырҭтәыла атуристтә портал хада аӡыргара
Атуризм амилаҭтә администрациа имҩаҧнагеит Қырҭтәыла атуристтә портал хада аӡыргара

Атуризм амилаҭтә администрациа имҩаҧнагеит Қырҭтәыла атуристтә портал хада аӡыргара.   Асаит ҿыц Georgia.travel аҧҵан адунеи 70 ҳәынҭқаррақәа ртуристтә порталқәа рыҭҵаара ашьаҭала.

Авеб-портал иануп Қырҭтәыла аҭыҧ ҷыдақәеи атуристтә аалыҵи ирызку  3200 раҟара астатиақәа ақырҭшәалеи англыз бызшәалеи.

Апорталаҿ иарбоу ахсаала абзоурала,  Қырҭтәыла аҭаара зҭаху атуристцәа дара иаҳа изызҿлымҳау аҭыҧқәа ралхреи аинформациа наӡа аиуреи рылшоит.

Иара убас, асаит аҿы еиҿкаауп ақалақьбжьаратә транспорт иазку адыррақәа рбаза. Аҭааҩцәа, иарбанызаалак атранспортла,  дара ирҭаху амаршрут еиҿыркаар рылшоит.

Қырҭтәыла атуристтә портал хада рбахьеит  18 миллионҩык ахархәаҩцәа адунеи  200  ҳәынҭқаррақәа рҟынтә. Асаитаҿ аинформациа наӡа ацәыргара амзызла,  Атуризм амилаҭтә администрациа, жәларбжьаратәи аплатформақәа: Booking, Tripadisor, Wikiloc,  убас егьырҭгьы аус рыцнауеит», — иануп аинформациаҿы.