Атуризм амилаҭтә администрациа, аныҟәарақәа рыркааратә платформа Expedia-и атуристтә медиагәыҧ Beautiful Destination-и рҟны аусеицурала, амаркетинтә кампаниа ҿыц амҩаҧгара иалагеит
Атуризм амилаҭтә администрациа, аныҟәарақәа рыркааратә платформа Expedia-и атуристтә медиагәыҧ Beautiful Destination-и рҟны аусеицурала, амаркетинтә кампаниа ҿыц амҩаҧгара иалагеит.
Атуризм амилаҭтә администрациа адыррақәа рыла, акампаниа хықәкыс иамоуп Америкеи, Британиа Дуи, Германтәылеи аџьармыкьақәа рҿы Қырҭтәыла атуристтә имиџь аӡыргара.
Аинформациа инақәыршәаны, аркааратә платформа Expedia аҿы иануп Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәа ирызку инарҭбаау аинформациа.
Атуризм амилаҭтә администрациа адыррақәа рыла, амҩақәҵагаҿ иарбоуп ИУНЕСКО акультуратә ҭынхара абаҟақәеи, имҩаҧысраны иҟоу афестивальқәеи, аҩыҟаҵареи, акулинариеи ирызку аинформациа.
Асоциалтә платформа Beautiful Destinations 50 миллионҩык иреиҳаны ахархәаҩцәа амоуп. Expedia рхы иадырхәоит 46 миллионҩык иреиҳаны.