Қырҭтәыла атуристтә потенциал аарҧшын Милан имҩаҧгаз атуристтә цәыргақәҵаҿы
Қырҭтәыла атуристтә потенциал аарҧшын Милан имҩаҧгаз атуристтә цәыргақәҵаҿы

Атуризм амилаҭтә администрациа  ахаҭарнакцәа Милан имҩаҧгаз атуристтә цәыргақәҵа  BIT 2023 рхы аладырхәит.

Атуризм амилаҭтә администрациа аделегациа иалахәын атуристтә еилахәырақәа бжьба. Ацәыргақәҵа рхы аладырхәит Аҷара Атуризм адепартамент ахаҭарнакцәагьы.

BIT 2023 иаҭааиз асасцәа Қырҭтәыла астендаҿ атәыла атуристтә аалыҵ рызцәырган.

Иара убас,  ҳаҧхьаҟа аусеицура амзызла, жәларбжьаратәи атуристтә аилахәырақәа рхаҭарнакцәа рҟны аиҧыларақәа мҩаҧган.

Милантәи атуристтә цәыргақәҵа есышықәса имҩаҧысуеит. Сынтәа уаҟа ицәырган 500 жәларбжьаратәи аилахәырақәеи аиҿкаарақәеи ртуристтә аалыҵ. Ацәыргақәҵа иаҭааит  65 нызқьҩык асасцәа адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә.