Атуризм амилаҭтә администрациа атуристтә платформа  Expedia аҿы амаркетингтә кампаниа ҿыц амҩаҧгара иалагеит
Атуризм амилаҭтә администрациа атуристтә платформа  Expedia аҿы амаркетингтә кампаниа ҿыц амҩаҧгара иалагеит

Атуризм амилаҭтә администрациа, адунеи идуӡӡоу атуристтә платформақәа иреиу  атуристтә платформа  Expedia аҿы амаркетингтә кампаниа ҿыц амҩаҧгара иалагеит.

Expedia-и уи апартниорцәеи рсаитқәа ирнылоит Қырҭтәыла атуристтә хырхарҭақәеи, аӡынтә курортқәеи,  аҧсабареи иазку аинформациа.

Атуризм амилаҭтә администрациа хықәкылатәи аџьармыкьақәа роуп: Америка, Германтәыла, Британиа Ду, Саудтәи Аравиа, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа.

Expedia адунеи зехьынџьара  68 миллион еиҳаны аклиентцәа амоуп. Аплатформаҿ еилоуп   онлаин-аркаара иазку 200 еиҳаны асаитқәа 70 ҳәынҭқаррақәа рҿы.  Expedia аклиентцәа ирыднагалоит 3 миллионк атуристтә обиектқәеи, иеиҭамҵуа амали, 500 инареиҳаны авиаеилахәырақәеи, акруизқәеи, қьырала амашьынақәа ргареи иазку аинформациа.