Торонто жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Қырҭтәыла еиуеиҧшым акәакьқәа  рфотоҭыхымҭқәа цәыргоуп
Торонто жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Қырҭтәыла еиуеиҧшым акәакьқәа  рфотоҭыхымҭқәа цәыргоуп

Ҧхынҷкәын  31-нӡа Торонто жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ ицәыргазаауеит Қырҭтәыла еиуеиҧшым акәакьқәа рфотоҭыхымҭақәа.

Торонто жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ Қырҭтәыла атуристтә потенциал аарҧшра иазку уснагӡатә еиҿыркааит  Қырҭтәыла Атуризм амилаҭтә администрациеи Канада иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭеи.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Торонто жәларбжьаратәи аҳиарбаҕәазаҿ ицәыргоуп канадатәи афотоҭыхыҩцәа, аби аҧеи Рендии Спенсери Вандерстаренаа иҟарҵаз аслаидқәа.

Зыӡбахәы ҳәоу афотоҭыхыҩцәа ҵыҧх Қырҭтәыла иаҭааит Атуризм амилаҭтә администрациа апресс-тур аҳәаақәа ирҭагӡаны. Торонто жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза апассаџьырцәа ҩымз рыҩныҵҟа ирбар рылшоит Ушгулии, Гудаурии, Қарҭи, егьырҭ атуристтә ҭыҧқәеи рҿы иҟаҵоу  иалкаау аусумҭақәа.

Торонто жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза адунеи идуӡӡоу аҳаирбаҕәазақәа иреиуп. Ҵыҧх ари аҳаирбаҕәаза рхы иадырхәит 36 миллионҩык апассаџьырцәа.