Атуризм амилаҭтә администрациа,  80 аилахәырақәа рыгәҭа, Берлинтәи атуристтә цәыргақәҵа иалахәхәоит
Атуризм амилаҭтә администрациа,  80 аилахәырақәа рыгәҭа, Берлинтәи атуристтә цәыргақәҵа иалахәхәоит

Қырҭтәыла Атуризм амилаҭтә администрациа аиҳабы Маиа  Омиаӡе Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа зхы алазырхәо аилахәырақәа ирзеиҭалҳәеит Берлин имҩаҧысраны иҟоу ауснагӡатәқәа ирызкны.

Қырҭтәыла  Берлинтәи атуристтә цәыргақәа ITB 2023 ахы аланархәоит аҧшәма астатусла. Атуризм амилаҭтә администрациа ари ацәыргақәҵа аҽаланархәоит егьырҭ  80 еилахәырақәа ирыцны.

Адунеи идуӡӡоу атуристтә цәыргақәҵа аадыртуеит хәажәкыра  6 рзы. Аартратә акультуратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит ақырҭуа концерт.  Ацеремониа рхы аладырхәит  2500ҩык раҟара асасцәа  180 ҳәынҭқаррақәа рҟынтә.

Қырҭтәыла аӡыргараҿ иҟазаауеит  60ҩык раҟара аҳәаанырцәтәи ажурналистцәеи атуроператорцәеи.