Атуризм амилаҭтә администрациа  -  2021 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи  1,2 миллиард адоллар ахашәала аиуит
Атуризм амилаҭтә администрациа  -  2021 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьартәи аҭааҩцәа рҟынтәи  1,2 миллиард адоллар ахашәала аиуит

2021 шықәсазы атуризм аиҭашьақәыргылареи ахашәала аизырҳареи апроцесс ирласны имҩаҧысуан, — иануп Атуризм амилаҭтә администрациа аҳәамҭаҿы.

Аусбарҭа адыррақәа рыла,  2021 шықәсазы Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аҭааҩцәа рҟынтә  1 244 941 717 адоллар ахашәала аиуит.

«Ахашәала аизырҳара адинамика бзиоуп,  2021 шықәсазы ахашәала  38 наӡынала еиҭашьақәыргылоуп. Ҧхынҷкәын азы  ахашәала аиҭашьақәыргылара арбага  58 наӡына иаҟаран.   2020 шықәса иаҿаҳарҧшыр, ахашәала азҳаит  130 наӡынала.

2021шықәсазы Қырҭтәыла иаҭааит  1 881 271 ҩык жәларбжьаратәи аҭааҩцәа. Урҭ реиҳаара атәыла иаҭааит аҳаиртә транспортла», — иануп Атуризм амилаҭтә администрациа аҳәамҭаҿы.