"Арадио Ахақәиҭра" – Украина аибашьра ианалага инаркны раҧхьаӡа акәны Шәамахьтәыла Киевҟа агуманитартә цхыраара дәықәнаҵеит
"Арадио Ахақәиҭра" – Украина аибашьра ианалага инаркны раҧхьаӡа акәны Шәамахьтәыла Киевҟа агуманитартә цхыраара дәықәнаҵеит

«Арадио Ахақәиҭра» ашәамахьбызшәатәи абиуро адыррала,  Украина аибашьра ианалага инаркны раҧхьаӡа акәны Шәамахьтәыла Киевҟа агуманитартә цхыраара дәықәнаҵеит. Иарбан цхыраароу  излацәажәо, иарбан структуроу идәықәызҵаз макьана еилкаам.

Украина актәи аледи еиҿылкаауа есышықәсатәи асаммит рхы аладырхәоит еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа рыҳәса, Шәамахьтәыла актәи аледи Анна Акопиангьы данрылаҵаны.

Асаммит алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит Украина ахада Владимир Зеленски. Иара убас,  асаммит рхы аладырхәоит Британиа Дуи, Иапониеи, Ҭырқәтәылеи, Испаниеи, Чехиеи, Израили, егьырҭ атәылақәеи рлидерцәа рыҳәса.