«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, жәабран алагамҭазы еиҿыркаауеит алхрақәа рызҵаара иадҳәалоу аусеилыргаратә комиссиа

«Аоппозициатә партиақәа даҽазнык ирыдаагалоит  алхрақәа ирызкны аиаша ашьақәыргыларазы апарламенти апарламенттә аусеилыргаратә комиссиеи  русура рхы аладырхәырц», — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» анагӡратә маӡаныҟәгаҩ Иракли Кобахиӡе.

Кобахиӡе иҳәамҭала,  аоппозициатә партиақәа аиаша ашьақәыргыларазы шаҟа аҭаххо алхырҭақәа рдыррақәа реиҭагәаҭаразы алшара рымазаауеит.

«Ҳара ишаҳҳәаз ала,  1% адымхаргьы, аиашамра аадырҧшыр,  анапхгаратә гәыҧ зыҧшра ҟамҵакәа изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рыҿҳәара ҧырҵәоит,  сара,  «Ақырҭуа гәахәтәы» алхратә штаб анапхгаҩы иҳасабала, аполиткиатә усура аансыжьуеит», — иҳәеит Кобахиӡе.