«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа даҽазнык аилыркаарақәа ҟарҵеит алхрақәа реиҭамҩаҧгара аныҟало аҭагылазаашьақәа ирызкны
«Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа даҽазнык аилыркаарақәа ҟарҵеит алхрақәа реиҭамҩаҧгара аныҟало аҭагылазаашьақәа ирызкны

Қырҭтәыла апарламент аҿы иҟоу ауаҩытәыҩса изинқәа рзы акомитет ахантәаҩы Михаил Сарџьвелаӡе ишиҳәаз ала, аоппозициаа алхрақәа рылҵшәақәа рыҧхьаӡа аан наӡынак еиҳаны аиашамра шыҟаз шьақәдырҕәҕәар,   «Ақырҭуа гәахәтәы» алхрақәа реиҭамҩаҧгара иақәшаҳаҭхоит.

Сарџьвелаӡе ишиҳәаз ала,   аоппозициатә лидерцәа  алхрақәа ҧаршеин ҳәа ирҳәо ашьаҭа ала алхрақәа реиҭамҩаҧгара ҟалом.

«Изаамҭаным алхрақәа  рылацәажәара иаҿуп, ари азҵаара мариоуп. Ҩ-ганк алхрақәа рымҩаҧгашьа иадҳәланы ргәаанагарақәа еиҧшым.  Ганк ахаҭарнакцәа алхрақәа рылҵшәақәа ииашам ҳәа рҳәоит, егьи аган уи иақәшаҳаҭым. Ари азҵаара аӡбара мариоуп —  аиаша шьақәыргылатәуп. Аоппозициаа алхрақәа ииашамкәа имҩаҧган, наӡынак еиҳаны аиашамра иҟан ҳәа ишьақәдырҕәҕәар, алхрақәа реиҭамҩаҧгара ҳақәшаҳаҭхоит», — иҳәеит Михаил Сарџьвелаӡе.