Аҧыза-министр Миунхентәи аконференциа аартратә сессиа ихы алаирхәит 
Аҧыза-министр Миунхентәи аконференциа аартратә сессиа ихы алаирхәит 

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, адунеи алидерцәа рыгәҭа, Миунхентәи Ашәарҭадара аконференциа далахәып. Аиҳабыра рнапхгаҩы Миунхентәи 59-тәи Ашәарҭадара акнференциа аартратә уснагӡатә ихы алаирхәит, аиҳабыра рнапхгаҩы аделегациа ицуп. 

Миунхентәи  59-тәи Ашәарҭдара аконференциа ааиртит аконференциа ахантәаҩы Кристоф Ҳаисген. Аартра ацеремониаҿ иҟаз асасцәа рҿаҧхьа иқәгылеит Германтәылатәи афедеративтә республика аканцлер Олаф Шольци, Франциа ахада Еммануел Макрони, Украина ахада Владимир Зеленскии. 

Аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҧыза-министр зыҩаӡара ҳараку ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит, иара убас, абизнесгәыҧқәа ахаҭарнакцәеи идуӡӡоу аилахәырақәа рнапхгаҩцәеи дырҧылоит.