Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Хорватиа ахада Зоран Миланович диҧылеит 
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Хорватиа ахада Зоран Миланович диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Хорватиатәи ареспублика ахада Зоран Миланович диҧылеит. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Хорватиеи рпартниорра ҕәҕәеи наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи ирылацәажәеит. 

Хшыҩзышьҭра ҷыда азун Қырҭтәылеи Хорватиеи рхәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рҿы иҟоу адинамика бзиеи ари ахырхарҭала аимадарақәа рырҭбаара алшареи. 

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, асектортә усеицура аперспективақәа ирзааҭгылеит, ари аганахьала ҷыдала иалкаан атуризми, акультуреи, ажәларқәа рыбжьара аимадареи ахырхарҭақәа.