Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Китаи ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит 
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Китаи ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Ҷоу Циен диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Китаии рстратегиатә партниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы имҩаҧысуа аусеицура иалацәажәеит. Хшыҩзышьҭра ҷыда азун ахәаахәҭра-економикатә аимадарақәа рырҭбаара азҵаара.

Ишазгәаҭаз ала, Китаи ацҳаражәҳәаҩ ҩ-тәылак рыбжьара ишьақәгылаз, зыҩаӡара ҳараку аполитикатәи акультуратәи еизыҟазаашьақәеи  ажәларқәа рыбжьара аимадарақәеи рҿы ароль ҷыда наигӡоит.