Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Чжоу Цзиан  диҧылеит
Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Чжоу Цзиан  диҧылеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Чжоу Цзиан  диҧылеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩ ҿыц ақәҿирақәа иреиҕьашьаны, ишазгәеиҭаз ала, ҳаҧхьаҟа Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара аусеицура қәҿиарала анагӡара дақәгәыҕуеит.

Ишазгәаҭаз ала, Китаи Қырҭтәыла иреиҕьу ахәаахәҭратә партниорцәа иреиуп, сынтәа ажьырныҳәа-рашәарамзазы Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара ахәаахәҭратә аикәшара 922 миллион адоллар иаҟаран. Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа китаитәи аинвестицаиқәагьы ирылацәажәеит, ишазгәаҭаз ала, Китаинтә ишиашоу атәым инвестициа  695 миллион адоллар еиҳауп, ақырҭуа аган уи иазыразуп.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун атуризм аусхкы. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Китаии рыбжьара ишиашо аҧыррақәа атуристцәа рхыҧхьаӡара азҳара иацхрауеит.

Иара убас, аиҧылара алахәылацәа ишырҳәаз ала,  Қырҭтәылеи Китаитәи жәлартә республикеи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә усеицура иазку аиҳабырабжьаратә комиссиа анеҩстәи аиҧылара хара имгакәа имҩаҧгахоит, зыӡбахәы ҳәоу комиссиа есышықәса еизоит. Хшыҩзышьҭра азун зыҩаӡара ҳараку авизитқәа рдинамика бзиа ахьчара аҵакы.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Китаи Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, Қырҭтәыла ари адгылара иҳаракны ахә ршьоит.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, аҵарадырраҭҵааратә хырхарҭала ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаара аҵакы иазааҭгылеит. Ишазгәаҭаз ала, сынтәа Қырҭтәылеи Китаии рдипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны  30 шықәса аҵра иазгәарҭоит.