Аҧыза-министр иҳәамҭала, ирццакны аобиектқәа зегьы аадыртыр, аханатә рыркра рықәшәар ауеит
Аҧыза-министр иҳәамҭала, ирццакны аобиектқәа зегьы аадыртыр, аханатә рыркра рықәшәар ауеит

Сареи Қырҭтәыла аиҳабыреи ҳауп аҧкрақәа раҧыхра зегьы реиҳа иазҿлымҳау, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Гьаргь Гахариа ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла,  аҧкрақәа раҧыхразы абаланс ихьчазароуп, избанзар, ирццакны аҧкрақәа раҧыхра амшала аханатә зегьы аркра рықәшәар ауеит.

«Авирус аларҵәара аганахьала иахьазы аҭагылазаашьа иҭышәынтәалоуп, ҳара ари апроцесс ахылаҧшра шҳалшо аабоит, ҳплан иаҳа ирласны инаҳагӡаратәы алшара ҳамоуп. Ашколтәи амуниципалтәи транспорт аҵакы ду амоуп.   Уажәазы ари азҵаара аҧыжәара амоуп. Ҳара иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит амуниципалтә транспорт аусура еиҭалагарц, ахәыҷқәа ашколахь ацара рылшарц азыҳәан», —  иҳәеит Гьаргь Гахариа.

Иара иажәақәа рыла, аиҳабыра еиқәдыршәаз аплан иақәныҟәар,  ааҧынра алагамҭазы атәылаҿы атуристцәа рыдкылара рылшоит.

«Ирласны алҵшәак ҳауандаз  ҳәа ҳаццакыр ҟалом. Атуризм аусхкы иадҳәалоу аилахәырақәеи, аресторанқәеи, асасааирҭақәеи рҭагылазаашьа шыцәгьоу еилыскаауеит, аха,  ҳинтересқәа мацара ҳрызхәыцыр ҟалом.   Ҳара кыраамҭатәи алҵшәақәа ҳрызхәыцроуп, абри ахықәкы еицынаҳагӡароуп. Ҳтәыла атәылауаҩ цыҧхьаӡа ихы дақәиҭны игәаанагара ааирҧшыр илшоит.  Ауаа уи азин рымоуп, ҳәарада, ҳара абри азин лаҳарҟәом. Аха, ҳазынтәгьы аҭакҧхықәра ду ҳадуп, аресторанқәагьы егьырҭ агәырҿыхаратә усбарҭақәагьы, ҳазынтәгьы ҳтәылауаа ргәабзиара ҳаиҷаҳароуп, кыраамҭала иҭышәынтәалоу аекономикатә аҿиара ҳазхәыцроуп», — иҳәеит Гьаргь Гахариа.