Аҧыза-министр Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ имҩаҧгаз, иара убас, уажәы имҩаҧысуа аинфраструктуратә усурақәа ибеит
Аҧыза-министр Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ имҩаҧгаз, иара убас, уажәы имҩаҧысуа аинфраструктуратә усурақәа ибеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии, Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩы Сулхан Ҭамазашвилии Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ имҩаҧгаз, иара убас, уажәы имҩаҧысуа аинфраструктуратә усурақәа рбеит.

Қарҭтәии Баҭымтәии жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазақәа анапхгара рзызуа ADP агәыҧ иалахәу “Тав Џьорџьиа” аменеџьер хада аиҳабыра рнапхгаҩы инарҭбааны изеиҭалҳәеит имҩаҧгоу, иара убас, имҩаҧыргараны иҟоу апроектқәа ирызкны. Ҭеа Зақараӡе лҳәамҭала, сынтәа Баҭымтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ аҧырра-атәаратә цәаҳәа арҽеира хыркәшан, аҳаирпланқәа рыргыларҭақәа рхыҧхьаӡара ҩынтә иазҳаит, иара убас, зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра атехника ҿыц аанахәит.

Иаҳа ирацәаны апассаџьырцәа рыдкылара амзызла, сынтәа апассаџьырцәа рҧыларатә зонеи аҧырратә қәыҧшылараҿы апаспорттә хылаҧшра азонеи дырҭбаауеит.

Аҵыхәтәантәи шықәсык иалагӡаны, ари аилахәыра, аинфраструктуратә усурақәа ирыланаҵеит  25 миллион лари аинвестициа.