Аҧыза-министр Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аппарат аиҳабыс дықәиргылеит  Гиви Ҭуманишвили  
Аҧыза-министр Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аппарат аиҳабыс дықәиргылеит  Гиви Ҭуманишвили  

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аппарат аиҳабыс дықәиргылеит Гиви Ҭуманишвили.  

Аиҳабыра рнапхгаҩы Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аппарат аиҳабы ҿыц ақәҿиарақәа изеиҕьашьаны, иаҵшьны иазгеиҭеит Амилаҭтә шәарҭадаара ахеилак аппарат қәҿиарала аусура ҵакыс иамоу.  

Гиви Ҭуманишвили, 2019 шықәса инаркны иахьанӡа, Қырҭтәыла Аҧшыхәаратә маҵзура аналитикатә директориат еиҳабыс даман, уаанӡа Атәылахьчара аминистрра арратә ҧшыхәара адепартамент аҿы еиуеиҧшым амаҵзураҭыҧқәа рҿы аус иуан.  

Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аппарат аиҳабы инапынҵақәа иахьанӡа инаигӡон Серго Ҭурманиӡе.  

Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аппарат Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак аусура аинформациа-аналитикатәи аиҿкааратәи аганахьала еиқәнаршәоит. Иара убас,  Ахеилак аппарат аусураҿы ахадаратә хырхарҭақәа иреиуп  ашәарҭарақәеи апроблемақәеи раарҧшреи, ахәшьара рыҭареи, анализ рзуреи, азҧхьагәаҭареи; Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәк рҿы аҭагылазаашьа амониторинги анализи; ашәарҭадара аусхкы аҿы амилаҭтә ҵакы  змоу адокументқәа  аус рыдулара апроцесс аиҿкаареи акоординациеи; зхаҭабзиара ҳараку аналитикатә аалыҵ  аҧҵара амзызла ирласӡаны аинформациа аиҭныҧсахлареи  иашьашәалоу аусбарҭақәа рҟны есымшатәи арежим аҿы аусеицуреи; Ахеилак аилатәарақәеи иашьашәалоу апротоколқәеи рырмазеира; Қырҭтәыла аҧыза-министр амилаҭтә интересқәа рыхьчаразы ашәарҭара злоу акризистә ҭагылазаашьа анапхгараҭараҿы ицхраара амзызла,  амилаҭтә ситуациатә ауада аусура аиқәыршәареи, хырхарҭақәак рыла аконкреттә проектқәа ркоординациеи.