Аҧыза-министр аҳәынҭқарратә университетқәа рректорцәа дырҧыланы, аҵара асистема ареформа аконцепциа иазкны драцәажәеит 
Аҧыза-министр аҳәынҭқарратә университетқәа рректорцәа дырҧыланы, аҵара асистема ареформа аконцепциа иазкны драцәажәеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә  аҵараиурҭақәа рректорцәа дырҧыланы, аҵара асистема ареформа аконцепциа иазкны драцәажәеит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иреиҳаӡоу аҵара ахаҭабзиара аиҕьтәра иазку ахырхарҭақәа инарҭбааны дрылацәажәеит.

Иара убас, ауниверситетқәа рҿы афакультетқәа реизшареи, арегионалтә университетқәа рырҿиара ахымҧадареи, аҵара асистема адеконцентрациеи дазааҭгылеит.

Аиаҳабыра рнапхгаҩы иаҵшьны иазгәеиҭеит ареформақәа қәҿиарала анагӡаразы аректорцәеи апрофессорцәеи ргәаанагара азҧхьагәаҭара  иамоу аҵакы ду, иара ишиҳәаз ала, абри аҩыза аиҧыларақәа наҟ-наҟгьы имҩаҧгахоит.

Ахцәажәарақәа рышьҭахь, аҵара ареформа аконцепциа аҵыхәтәантәи асахьа аиуеит, анеҩс, аиҳабыра ари аконцепциа шьақәдырҕәҕәоит.

Аҧыза-министри ауниверситетқәа рректорцәеи реиҧылара мҩаҧган азҵаара-аҭак арежимаҿ. Аректорцәа, аиҳабыра рнапхгаҩы иҟынтә дара интересс ирымаз азҵаарақәа рзы аҭакқәа роуит.

Аиҧылара рхы аладырхәит аҵареи, аҵарадырреи аҿар русқәеи рзы аминистр Гиви Миқанаӡеи, аминистр ихаҭыҧуаҩ Звиад Габисониеи, Аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании, аҵара ареформа азҵаарақәа аус рыдызуло Иреиҳаӡоу аҵара ареформа аиҳабыратә комиссиа амаӡаныҟәгаҩ Леван Изориеи.