Аҧыза-министр Аахыҵ Кавказаҿ Адунеи абанк арегионалтә директори Адунеи абанк аҵара ахырхарҭала аглобалтә директори дырҧылеит
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Аахыҵ Кавказаҿ Адунеи абанк арегионалтә директор Роланд Праиси Адунеи абанк аҵара ахырхарҭала аглобалтә директор Луис Бенвенистеси дырҧылеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Адунеи абанк ахаҭарнакцәа ирызцәыригеит Қырҭтәыла аиҳабыра еиқәдыршәаз иреиҳаӡоу аҵара ареформа аконцепциа. Иракли Кобахиӡе аҵара асистемаҿ иҟоу ахадаратә проблемақәа дырзааҭгылеит, урҭ рышьаҭала ареформа аҳасабтә хадас ҳәаақәҵан асистема агеографиатә деконцентрациеи, аресурсқәа роптимизациеи, ауниверситеттә инфраструктуреи аҵара ахаҭабзиареи реиҕьтәреи. Иаҵшьны иазгәаҭан иреиҳаӡоу аҵара асистема ареформа қәҿиарала амҩаҧгара апроцесс аҿы Адунеи абанк иҟанаҵо ацхыраара аҵакы.
Иара убас, аиҧылараҿы, аекономикатә хырхарҭала Адунеи абанк аҟны аусеицура иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, уажәазы Қырҭтәылаҿ Адунеи абанк апортфель иаҵанакуеит активтә 8 инвестициак, урҭ рзеиҧш аҭаӡара 975 миллион адоллар иаҟароуп.
Аиҧылара рхы аладырхәит Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ Адунеи абанк аҵара ахырхарҭа аменеџьер Рита Алмеидеи, Адунеи абанк аҵара аспециалист Ана Берӡенаӡеи, Қырҭтәыла аган аҟынтә – аҵареи, аҵарадырреи, аҿар русқәеи рзы аминистр Гиви Миқанаӡеи, афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.