Апатриархиаҿ еизыргаз агуманитартә цхыраара актәи апартиа Украинаҟа уаҵәы рышьҭуеит
Апатриархиаҿ еизыргаз агуманитартә цхыраара актәи апартиа Украинаҟа уаҵәы рышьҭуеит

Апатриархиаақәыԥшцәа рҵысра “Давиҭиани” еизыргаз агуманитартә цхыраара актәи апартиа Украина уаҵәы рышьҭуеит. Ари атәы аарыцҳаит апатриархиа аҟынтә.

“Ҳуахәамауаа аекономикатә уадаҩра иҭагылоуп, аха ари иахәамԥшыкәа алагала ҟарҵарц рҭахуп агәаҟра иҭагылоу ауаа рыцхыраара аус аҿы.

10 тонна афатәи, аматәақәеи, 3000 цыра амедицинатә маҭәарқәеи амедикаментқәеи ҳашьҭхьеит. Ари апроцесс нагӡахоит,” -иануп апатриарзиа аҳәамҭа аҿы.