Апарламенттә делегациа алахәылацәа Мальта инхо ақырҭуа диаспора хаҭарнакцәа ирԥылеит
Апарламенттә делегациа алахәылацәа Мальта инхо ақырҭуа диаспора хаҭарнакцәа ирԥылеит

Қырҭтәыла Апарламенттә делегациа алахәылацәа Мальта инхо ақырҭуа диаспора хаҭарнакцәа ирԥылеит.

Аиԥылара напхгара азиуит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Аиԥылара рхы аладырхәит апарламент алахәылацәеи Мальтеи Италиатәи ареспубликеи рҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Константин Сургулаӡеи.

Константин Сургулаӡе ажурналистцәа ишраиҳәаз ала, адиаспора ахаҭарнакцәа рҟны аинтерес змаз аиԥылара мҩаԥган.

„Ҳтәылауаа аделегациа алахәылацәа рҟны аинтере змаз азҵаарақәа рыхцәажәеит, рынхашьа-рыбзазашьа, апроблемақәа, ауадаҩрақәа, рхықәкқәа уҳәа уб. егь. Аиԥылараан аинтерес змоу апрактикатә зҵаарақәа рацәаны ицәырҵит. Иаҳҳәап, Мальта амҽышатәи школ аартра, астажирра азҵаара, аԥсадгьыл ахь ахынҳәра азҵаареи, абизнес аҽалархәреи”, –иҳәеит Сургулаӡе.