Анналена Бербок - Нато иаарту ашәқәа рполитика иазкны аҳәамҭа ҟанаҵоит, аха аибашьра анымҩаԥысуа аамҭазы алахәыла ҿыц адклара ҳалшом, ари ҵабыргуп
Анналена Бербок - Нато иаарту ашәқәа рполитика иазкны аҳәамҭа ҟанаҵоит, аха аибашьра анымҩаԥысуа аамҭазы алахәыла ҿыц адклара ҳалшом, ари ҵабыргуп

Нато иаарту ашәқәа рполитика иазкны аҳәамҭа ҟанаҵоит, аха аибашьра анымҩаԥысуа аамҭазы алахәыла ҿыц адклара ҳалшом, ари ҵабыргуп, – илҳәеит Германтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Анналена Бербок.

Анналена Бербок ари аҳәамҭа Осло, Нато иформалым аминистериал аҿы ҟалҵеит.

“Урыстәыла агрессиа иалҵшәаны, Натои Украинеи ресеицура иаҳа ӷәӷәахеит. Нато иаарту ашәқәа рполитика иазкны аҳәамҭа ҟанаҵоит, аха аибашьра анымҩаԥысуа аамҭазы алахәыла ҿыц адклара ҳалшом, ари ҵабыргуп“, – илҳәеит  Бербок.