Анџьеи Дуда Владимир Зеленски диҧылеит
Анџьеи Дуда Владимир Зеленски диҧылеит

Польша ахада  Анџьеи Дуда, Варшава инеиз Украина ахада Владимир Зеленски диҧылеит.

Аиҧылара мҩаҧган апрезиденттә аханаҿ.

Алидерцәа реиҿцәажәараан ахадаратә ҵакы рыман Украина арратә цхыраара аҭареи, аибашьра ашьҭахь атәыла аиҭашьақәыргылареи, Украина евроатлантикатә интеграциеи ирызку азҵаарақәа.