Ачымаазрқәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелидзе иҳәамҭала, 80% ауааҧсыра аиммунитет рымоуп.
Гамҟрелиӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
«Ҳара аҵыхәтәантәи акәаҧ аҟынӡа ҳамнеицт, аха, уажәазы иҳамоу адыррақәа рыла, сымҩашьозар, 80% аҟынӡа ҳхалахьеит, абри ацифра иаҳа идузаргьы ҟалап, аҵыхәтәантәи аконсенсус макьана иҟам. 80% ауааҧсыра аиммунитет шрымоу шьақәҳарҕәҕәар ҳалшоит», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.