Амиран Гамҟрелиӡе  - Ҳара иааҧҵәаны иаҳҳәар ҳалшоит Қырҭтәыла авирус аларҵәара ахҧатәи ацәқәырҧа шалагаз
Амиран Гамҟрелиӡе  - Ҳара иааҧҵәаны иаҳҳәар ҳалшоит Қырҭтәыла авирус аларҵәара ахҧатәи ацәқәырҧа шалагаз

 

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амимран Гамҟрелиӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла акоронавирус ахҧатәи ацәқәырҧа иалагеит.

Гамҟрелиӡе ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Ачымазарақәа  рхылаҧшра амилаҭтә центр аҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы.

«Адунеи аҿгьы, Европагьы, ҳтәылаҿгьы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара иаҿуп. Атәылақәа рацәа рҿы ахҧатәи ацәқәырҧа иалагахьеит. Ҳаргьы иааҧҵәаны иаҳҳәар ҳалшоит Қырҭтәыла акоронавирус ахҧатәи ацәқәырҧа шалагаз», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.