Амиран Гамҟрелиӡе  - Абустеризациа ауп раҧхьа иргыланы ишәыбжьааго
Амиран Гамҟрелиӡе  - Абустеризациа ауп раҧхьа иргыланы ишәыбжьааго

Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иҳәамҭала,  иахьа уажәраанӡа Қырҭтәыла аштамм «Омикрон» 147 афактқәа аарҧшауп, аха, атәылаҿы ари аштамм аҿкаара афактқәа  ҧшьынтә еиҳазар ҟалап.

Иара иажәақәа рыла, апациентцәа рҭагылазаашьа хьанҭам.

«147ҩык рҟынтәи  16%  акоронавирус рхыргахьеит, насгьы авакцинациа наӡа иахысхьоугьы ари аштамм ҿыркаауеит. Убри аҟынтә,   «Омикрон» аларҵәара аанкыларазы  абустеризациа ауп раҧхьа иргыланы ишәыбжьааго.

Ауаа «Омикрон» усҟак ихьанҭамкәа ирхыргоит, алҵшәа цәгьа ахылҵуам ҳәа агәаанагара иҟоуп,   аха, уи ииашам  — хымҧада алҵшәа цәгьа ҳауеит. Абустертә доза  «Омикрон» аҟынтә ҳахьчоит. Иара убас,  хымҧада асабрадақәа ҳҿазароуп,  адистанциа ҳахьчалароуп,  ауаа рацәа реизара ҟалом. Анеҩстәи ҩымчыбжь рыҩнуҵҟала еилкаахоит аҧкрақәа рырџьбара аҭаххозар. Сынтәа иаҳа ирацәаны ауааҧсыра алаҵақәа рзыҟаҳҵароуп, избанзар, авакцинациа ада апандемиа ҳзаиааиуам», — иҳәеит Гамҟрелиӡе.