Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, "омикрон" 130 миллионҩык рыдбалан, 500 000-ҩык авариант ҿыц амшала рыԥсҭазаара иалҵит
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, "омикрон" 130 миллионҩык рыдбалан, 500 000-ҩык авариант ҿыц амшала рыԥсҭазаара иалҵит

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, “омикрон” 130 миллионҩык рыдбалан, 500 000-ҩык авариант ҿыц амшала рыԥсҭазаара иалҵит.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аинцидентқәа рнапхгараҭара агәыԥ анапхгаҩы Абди Маҳамуд иажәақәа рыла, алаҵа аныҟоу аепохаҿ абри аҟара ауаа рыԥсра ишәарҭоу дыргоуп.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара акоронавирус азы ақәҿыҭра атехникатә напхгаҩы Мариа ван Кевхове ишаалыцҳаз, адунеи атәылақәа рацәа рҿы “омикрон” ашыкьымҭа макьана иҟам.