Аҽыҧхьакра аҿҳәара еиҵартәыр ҟалоит
Аҽыҧхьакра аҿҳәара еиҵартәыр ҟалоит

Адунеи аҿы иҟоу аҧышәа иазҧхьагәаҭаны, Агәабзиарахьчара аминистрреи Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центри аҽыҧхьакра аҿҳәара аиҵатәра азҵаара иахәаҧшуеит, – Қырҭтәыла аҧыза-министр ари адҵа ҟаиҵеит Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак иахьатәи аилатәараҿы. Иракли Ҕарибашвили анапхгара ззиуз аилатәара мҩаҧган аиҳабыра радминистрациаҿы, авидеоконференциа аформат аҿы. 

Аԥыза-министр ипрессмҵзура аинформациа ала, ахеилак алахәылацәа атәылаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иалацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, аинфицирра афактқәа рҟынтә  95% „Омикрон“ аштамм ауп, уи ихьанҭамкәа имҩаҧысуеит, убри аҟынтә, агоспитальтә сектор азы ақәыҕәҕәара ацымлеит. Апациентцәа реиҳара аҩны рҽырыхәшәтәуеит, дара ргәабзиара аҭагылазаашьа иахылаҧшуеит аҭаацәаратә ҳақьымцәа.  

Ахеилак аилатәараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан ачымазара ахьанҭахареи агоспитализациеи аҽацәыхьчаразы  авакцицнациеи абустертә дозеи ирымоу аҵакы.  

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак даҽазнык атәылауаа рахь ааҧхьара ҟанаҵеит асабрадақәа ныҟәыргаларц, арегулиациақәа зегьы ирықәныҟәаларц, ауаа ахьырацәоу аҭыҧқәа рахь имнеирц, авирус асимптомқәа рызцәырҵыр, аҩны иҟазарц.  

Аҧыза-министр инапхгарала аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада ладминистрациеи.