Иракли Ӷарибашвили - Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара ала иубарҭоуп Қырҭтәыла аиҳабыра абаандаҩы Саакашвили европатәи астандартқәа рыла ишизныҟәо
Иракли Ӷарибашвили - Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара ала иубарҭоуп Қырҭтәыла аиҳабыра абаандаҩы Саакашвили европатәи астандартқәа рыла ишизныҟәо

Абаандаҩы Саакашвили ихцәажәра сҭахым. Кырмза инагӡоз адезинформациатә кампаниа гымҩаԥысуаз иаабеит, уи адунеи зегь аҿы мҩаԥыргон, ашаҳаҭгақәа ҳамоуп Саакашвилии иҭаацәареи атәыла адискредитациатә кампаниа шымҩаԥыргоз, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Ӷарибашвили иажәақәа рыла, ари азы ЕАШ рҿы  Саакашвили иҭаацәара алахәылацәа акымкәа миллион иаԥсаз аконтракт ибжьарҵеит.

Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз, Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара ала иубарҭоуп Қырҭтәыла аиҳабыра абаандаҩы Саакашвили европатәи астандартқәа рыла шизныҟәо.

„Абаандаҩы Саакашвили 24 сааҭтәи амонитоиинг изымҩаԥыргоит, 2000 иреиҳаны аиԥыларақәа мҩаԥигахьеит. Шықәсык еиҳаны абахҭаҿ акәымкәа, хазхаҭалатәи аклиникаҿ дышьҭоуп. Ҳажәлар аиаша рбоит.Жәларбжьаратәи аиҩызараҿгьы аиаша ибзиаӡаны ирдыруеит. Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара ала иубарҭоуп Қырҭтәыла аиҳабыра абаандаҩы Саакашвили европатәи астандартқәа рыла шизныҟәо,” – иҳәеит аԥыза-министр.