Иракли Ӷарибашвили Бельгиатәи аҳрахь ддәықәлеит
Иракли Ӷарибашвили Бельгиатәи аҳрахь ддәықәлеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили дызхагылоу аделегациа Бельгиатәи аҳрахь идәықәлеит.

Рашәара 14 рзы аиҳабыра рнапхгаҩы ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны зыҩаӡара ҳаракә ҩганкалатәи аиԥыларақәа мҩаԥигоит.

Иара убас, апланқәа ирылоуп аԥыза-министр иқәгылара акультуразы жәларбжьаратәи афестиваль “Европалиеи” Қырҭтәыла ахьыԥшымра амш инамаданы имҩаԥгахо адкылареи рҿы.

Қырҭтәыла раԥхьаӡа акәны асас тәыла аҳасаб ала акультуразы жәларбжьаратәи афестиваль “Европалиа” иалахәуп.