УЕФА ахада Иракли Ӷарибашвили U-21 Европа ачемпионат қәҿиарала амҩаԥгаразы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит
УЕФА ахада Иракли Ӷарибашвили U-21 Европа ачемпионат қәҿиарала амҩаԥгаразы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит

УЕФА ахада Алеқсандр Чеҧерини Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ҭабуп ҳәа иеиҳәеит 21 шықәсанӡа зхыҵуа аизгақәа рзы Европа ачемпионат қәҿиарала амҩаҧгаразы.

Аҧыза-министр изааишьҭыз ашәҟәы аҟны Алеқсандр Чеҧерини ишиҩыз ала,  абри ақәҿиара ақырҭуаа иаадырҧшыз азныҟәашьеи аиҷаҳареи иабзоуроуп, ачемпионат алахәылацәа зегьы, ашьапылампыласҩцәагьы, администрациатә усзуҩцәагьы, азгәыбылҩцәагьы агәахәара ду рзаазгаз, ирызхамшҭуа аҭагылазаашьақәа еиқәыршәан.

УЕФА ахада иҳәамҭала, ари ачемпионат аҭоурых ианылоит зегьы реиҳа ахәаҧшцәа ахьырацәаз ауснагӡатә аҳасабала.

“Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр!

Абри ашәҟәы ала, хаҭала шәара гәыкала ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп абри ачемпионат зеиҧшҟамлац ала қәҿиарала амҩаҧгараҿы иҟашәҵаз алагала ду азыҳәан.

Ақырҭуа асасдкылара, иҧшӡаӡоу ақалақьқәеи, ибзиаӡоу аспорттә инфраструктуреи, иара убас, шәмилаҭтә аизга рыхәмаршьеи абзоурала, ақырҭуа аизга аматчқәа рҿы зеиҧшҟамлац ала ахәаҧшцәа рацәан. Еишьҭаргыланы имҩаҧгаз аматчқәа рыхҧагьы рҿы, ахәаҧшцәа рырацәара ала, арекорд шьақәыргылан, 21 шықәсанӡа афиналтә хәмаррақәа рҿы, УЕФА амасштала,  ҧаса абри аҩыза акгьы ҳамбацызт. Абри зегьы абзоурала, ари ачемпионат аҭоурых ианылоит зегьы реиҳа ахәаҧшцәа ахьырацәаз ауснагӡатә аҳасабала.

Абри ачемпионатаҿ иаабаз утәызтәуа ахәмаррақәа рацәа иҵегьы акыраамҭа иҧшӡаӡоу агәаларшәарас иаҳзаанхоит. Насгьы, аинфраструктура аиҭашьақәыргылареи аҿыц инфраструктура аргылареи иалаҵаз афинанстә ресурсқәа рыбзоурала, ари ауснагӡатә акыраамҭалатәи алҵшәа ахылҵуеит.

Еицырдыруа ҩ-стадионк  –  Михаил Месхьи ихьӡ зху қарҭтәи астадиони Рамаз Шенгелиа ихьӡ зху қәҭешьтәи астадиони, иара убас, атәыла зехьынџьара иргылаз, зыҩаӡара ҳараку азыҟаҵаратә базақәа хәбеи алагала ду ҟарҵеит абри ачемпионат абас қәҿиарала амҩаҧгараҿы. Агәра ганы сыҟоуп абарҭ аинфраструктуратә обиектқәа рыбзоурала ақырҭуа ашьапылампыл иаҳа иҳараку аҩаӡаранӡа  ишышьҭыҵуа.

Абри ақәҿиара ақырҭуаа иаадырҧшыз азныҟәашьеи аиҷаҳареи иабзоуроуп, ачемпионат алахәылацәа зегьы, ашьапылампыласҩцәагьы, администрациатә усзуҩцәагьы, азгәыбылҩцәагьы агәахәара ду рзаазгаз, ирызхамшҭуа аҭагылазаашьақәа еиқәыршәан”,- иануп Алеқсандр Чеҧерини Иракли Ҕарибашвили изааишьҭыз ашәҟәы аҟны.