Иракли Ӷарибашвили  - Аибашьра иалаӡыз аруаа аҭынч уааԥсыреи иахьа даҽазнык ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит, ҳнапхгара аимакқәа ҭынч мҩала рҭыԥқәҵара адгылоит
Иракли Ӷарибашвили - Аибашьра иалаӡыз аруаа аҭынч уааԥсыреи иахьа даҽазнык ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит, ҳнапхгара аимакқәа ҭынч мҩала рҭыԥқәҵара адгылоит

Иҭынчу, иаку, иӷәӷәоу, иҿиаау Қырҭтәыла ақырҭуааи, ауаԥсааи, аԥсуааи, ҳаԥсадгьыл иқәынхо ауаа зегьы рзы еиӷьу аперспективоуп, ари агәра ҳгоит, ари ахықәкы анагӡаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, – иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.

“15 шықәса ҵит 2008 шықәсатәи нанҳәатәи аибашьра ҟалеижьҭеи; иахьатәи амш ҳаззегь рзы аҵак ҷыда амоуп – Урыстәылатәи арратә агрессиа аԥсыҭбарақәа ахылҵит, аҭынч уааԥсыра ахҵәара ирықәшәеит, ҳҵакырадгьылқәа импыҵахалеит, ари ҳтәыла асуверенитети иашьҭанеиуа аҿиареи рзы зегь реиҳа идуӡӡоу ааԥхьарас аанхоит.

Аибашьра иалаӡыз аруаа аҭынч уааԥсыреи иахьа даҽазнык ҳаҭырла иҳгәалаҳаршәоит, ҳнапхгара аимакқәа ҭынч мҩала рҭыԥқәҵара адгылоит“, –иануп аҳәамҭа аҿы.