Иракли Ӷарибашвили акоронавирус идырбалеит
Иракли Ӷарибашвили акоронавирус идырбалеит

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили акоронавирус “Омикрон” аштамм идырбалеит. Ари атәы аарыцҳаит аԥыза-министр ипрессмаҵзура аҟынтә.

Апрессмаҵзура аинформациа ала, Иракли Ӷарибашвили иҭагылазаашьа цәгьам, уи адистанциатә режимла аусура наигӡоит.

“Аԥыза-министр алаҵақәа изыҟаҵоуп. Уи азы аплан иалоу атестқәа рыҟаҵараан “Covid-19″  идырбалеит,” – аарыцҳаит аԥыза-министр ипрессмаҵзура аҟынтә.

Иракли Ӷарбашвили акоронавирус ала ҵыԥх, мшаԥы мзазгьы дычмазаҩын. Асымазара даналҵ, аԥыза-министр алаҵа “Фаизер” ҩдозак изыҟаҵан.