Иракли Ӷарибашвили - Лазаре Григориадис ашьауӷра ихыхра ала, Саломе Зурабишвили аполициа аусзуҩ "Молотов икоктеиль" игәыдылҵеит
Иракли Ӷарибашвили - Лазаре Григориадис ашьауӷра ихыхра ала, Саломе Зурабишвили аполициа аусзуҩ "Молотов икоктеиль" игәыдылҵеит

Лазаре Григориадис ашьауӷра ихыхра ала, Саломе Зурабишвили аполициа аусзуҩ “Молотов икоктеиль” игәыдылҵеит, — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Гарибашвили.

Ӷарибашвили иажәақәа рыла, ари аӡбарала Қырҭтәыла ахада апартиеи, ажәлари атәылеи мацара акәым, ақырҭуа полициа илҭиит.

2023 шықәса хәажәкыра 7, 8, 9  рзы Қарҭ имҩаҧысуаз амитингқәа раан аполициа аусзуҩцәа рықәлареи амал аҧхасҭатәреи зхарарҵоз Лазаре Григориадис 9 шықәсатәи аҭакра иқәҵан. Ахада Саломе Зурабишвили иҟалҵаз аҳәамҭала, Лазаре Григориадис ашьауӷа ихыхра аӡбара лыдылкылеит.