Амиран Гамҟрелиӡе  - Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧа абҵара анҵәамҭаз иалагар ҟалап, алаҵақәа ҟаҳамҵар, аҭагылазашьа цәгьахоит
Амиран Гамҟрелиӡе  - Акоронавирус ахәбатәи ацәқәырҧа абҵара анҵәамҭаз иалагар ҟалап, алаҵақәа ҟаҳамҵар, аҭагылазашьа цәгьахоит

Ахәбатәи ацәқәырҧа хымҧала иҟалоит, адунеи зеџьынџьара, ҳара ҳҿгьы. Ахәбатәи ацәқәырҧа абҵара анҵәамҭаз иалагар ҟалап, — иҳәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе.

Иара иажәақәа рыла, излауа ала ирацәаны ауааҧсыра алаҵақәа ҟарҵар, атәыла ахәбатәи ацәқәырҧа уадаҩрада иахысуеит.

«Излауа ала ирацәаны ауааҧсыра алаҵақәа ҟарҵар, ахәбатәи ацәқәырҧа усҟак ихьанҭахом. Алҵақәа ҟаҳамҵар, аҭагылазаашьа цәгьахоит, ахәбатәи ацәқәырҧа хьанҭахоит.  Ахәбатәи ацәқәырҧа абҵара анҵәамҭаз иалагар ҟалап», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.